

Арҭ амшқәа рзы агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа Ҟарачы-Черкесиа иаҭааны Нина Агирова лхаҭа аҧара лырҭеит. Аҧара аизгара ҳтәылаҿы шықәсык аҧхьа ирылаҳәан. Ас еиҧш акциа амҩаҧгара хықәкыс иаман аибашьҩы иан лҭагылазаашьа аиҕьтәра. Еизгоу аҧара азкхоит Черкесск ақалақь аҿы ауада лзаахәара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иаха Тҟәарчал иасыз аҧшатлакә иахҟьаны ахатәы ҩнқәа рхыбқәа рыхнахит. Амшцәгьа ашьҭахь иҟалаз аҭагылазаашьа аилкааразы шьыжьнаҵы Тҟәарчал ақалақь иаҭааит Аҧсны Аҧыза-министр Владимир Делба, иара убасгьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхреи, афымцатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылареи рзы аусурақәа цоит. Аҧша иҟанаҵаз аҧхасҭа шә-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Дара рхы рыладырхәуеит араион ақыҭақәа рҿы еиҿкаау акомандақәа. Сынтәатәи аицлабрақәа ирылахәын хә-гәыҧк. Аҧхьахә агаразы еицлабуан Кәтоли Арасаӡыхьи рҽыбҕаҟазацәа, иара убасгьы Тамшьааи Џьгьардааи еизгоу ркоманда ахаҭарнакцәа. Аҽырҩрақәа рымҩаҧгара еснагь ахаҵгылара арҭоит араион анапхгара. Аҧхьахәқәа згоз ҽыбҕаҟазацәа рзы араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьын хышә-нызқь мааҭ аҧара.
Владимир Путини Бадра Гәынбеи рыдҵаҟаҵарала ҳтәылаҿы иахьа ахархәара рзухоит агәабзиарахьчара аганахь ала апроект дуқәа. Урҭ рынагӡашьа гәарҭеит Аҧсны иаҭааз Урыстәыла Ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Киринекои агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои.