АЖӘАБЖЬҚӘА

* Мшаҧы 2025

Aмҽыша, 27 Мшаҧы 2025 21:00

Сабшала 26.04.2025

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

00.10 Амҩаҧгаҩ-Шьазина Ханагәуаҧҳа

11.00 Аҭоурыхтә баҟақәа реиҭашьақәыргылара. Аусурақәа ирыцҵоуп Лӡаа ақыҭан.

03.15 Агәалашәара аамҭа аасҭа иҕәҕәоуп. Иван Папаскьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазкыз абиблиоҵхы.

12.40 Ҳаҧсҭазаара иасаркьоу, ҳаамҭа иашьашәалоу. Аҧсуа драматә театр ақәыргыламҭа «Аԥынҵатәыҩақәа» реиҭаира

25.22 Ашықәсқәа зыршаҳаҭуа, ахатәы ҭоурых ду змоу, зыхәышәтәратә ҟазшьақәа беиоу, аҧсабара аџьашьахәы-Гималаитәи анызҵла

Абарҭ атемақәеи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳарзааҭгылоит асабшатәи ҳҭыжьымҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп Сабшала
Aмҽыша, 27 Мшаҧы 2025 20:56

Аспорт адунеи 25.04.2025

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи
Aсабша, 26 Мшаҧы 2025 06:28

Амшеикәшара 25.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Актиор иааирҧшуа ахаҿсахьа гәылҭәааны ахәмаршьа данақәшәо - уи ахәаҧшҩы дыхнахуеит. Ус аҟаҵара зылшо дыруаӡәкуп мшаҧымза ҩажәи хәба рзы зиубилеи азгәазҭо, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Тома Аҩӡыҧҳа. Лхы-лыҧсы зыҿҳәароу аҧсуа театр асценаҿы дыҟоуп абар ҩынҩажәи жәаба шықәса. Тома Аҩӡыҧҳа лбаҩхатәра маӡас иаҵоу Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи жә-џьара ирыҩуан. Иалахәын хышәҩык инареиҳаны. Адиктант амҩаҧгара ҳәаақәнаҵоит Аҧсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусҧҟала, ҳазҭоу ашықәс Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аҧсны раҧхьатәи Ахада диижьҭеи ҧшьынҩажәа шықәса ҵит. Убри инамаданы, Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны аҧыза ду дыргәаладыршәон.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 25 Мшаҧы 2025 12:07

Амшеикәшара 24.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Апроект "Абаза жәлар рыхәмаррақәа" Урыстәылазегьтәи аицлабра "Уара ахәмарраҿы уҟоуп" афиналбжа аҟынӡа инеит! Уи мҩаҧнагоит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра. Иахьа ари апроект афинал ахь инеиразы шәареи ҳареи онлаин ала ҳабжьы аҳҭароуп. Абжьаҭара мҩаҧыслоит лаҵарамза хәбанӡа. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Лаҵарамза акы инаркны Шәача иаҵанакуа Имереҭтәи акурорти Аҟәеи ирыбжьалараны иҟоуп афымцадәыҕба «ЛАСТОЧКА». Уахыки ҽнаки ирылагӡаны адәыҕба ари амаршрут ала ҩынтә ибжьыслоит. Адәыҕба аныҟәара арманшәаларзы иааиҧмырҟьаӡакәа арҽеиратә усурақәа мҩаҧнагоит Ареспубликатә Унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩа».

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцҳара ду ҟалеижьҭеи шәи жәаба шықәса аҵра инамаданы, ҳреспубликаҿы агәаларшәагатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Убас, Ованес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи ажәбатәи абжьаратә школ аҿы аерман жәлар ргеноцид иазкыз ауснагӡатә иаҭааит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыҧуаҩ Вараздат Миносиан, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аерманцәа рхеилак алахәылацәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30