АЖӘАБЖЬҚӘА

* Мшаҧы 2025

Афонд аструктура аҽаҧсахижьҭеи мшаҧы мза ҧшьба рзы иҵит хәы-шықәса. Афонд хылаҧшра анаҭоит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистрра. Уи анапы аҵаҟа иҟоуп. Иарбан цхыраароу ирырҭо аветеранцәа-аинвалидцәа, насгьы русура шҧеиҿкаау - абарҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи анҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Азакәанҧҵаҩцәа ахәаҧшит «Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рзинмчқәа рдепутатцәа рыҿҳәара ацҵаразы» азакәан апроект, иара уи алагьы алхрақәа ахгоуп абҵарамза аабанӡа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит иҭоубашьҭаҵара иалахәыз Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рлахьынҵа есымша дшазҿлымҳау.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 04 Мшаҧы 2025 10:23

Амшеикәшара 03.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа ҩаҧхьа ахәыҷы рацәа еизигеит. Иара иаҧиҵаз аҧсуа мультфильмқәа ҩба «Риҵа алегендеи», «Ахьча Чаҳмаҭи Аҩсҭаа Қәамзачи» рӡыргараҿы азал ҭәын. Амульфильмқәа раҧхьарбара мҩаҧысуан Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы. Аҩналара хәыда-ҧсадан. Асҭамыр ариаҟара ахәыҷқәа злахихыз еилыркаауан ҳҭыхратә гәыҧ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет имҩаҧнагеит Аҧсны Раҧхьатәи ахада Владислав Ардзинба ҧшьынҩажәа шықәса ихыҵра инамаданы агәалашәаратә хәылҧазы. Аусмҩаҧагтә еиҿыркааит афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышьи ажурналист Екатерина Бебиаҧҳаи.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Мшаҧымза хҧа инаркны аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Аминистрцәа Реилазаара ҿыц аҧҵахаанӡа аминистрцәа зегьы рнапынҵақәа нарыгӡалоит. Бадра Гәынба аиҳабыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҵыхәтәантәи ахәышықәсазы имҩаҧыргаз аусуразы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30