

Атәыла ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәааи аҭааны ирбеит Очамчыра ақалақь аҟны иаадыртраны иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центр. Ауснагӡатә алыршоуп Жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа ихатә харџьқәа рыла. Ахҭыс далахәын ҳкорреспондент Алиас Корсаиа
Уи аҿы Аҧсны Ахада Бадра Гәынба ажәа ихиҳәааит араион анапхгаҩ ҿыц инапынҵақәа рынагӡара зыдҵоу Алхас Кациа.
Уи ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуа ихантәаҩрала еиҿкаан. Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьу шәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ рыҽҭагӡаны апроектқәа ралхреи аусутә гәыҧқәа раҧҵареи ирзааҭгылеит.
Уи аҿы Аҧсны Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, Беслан Фиодр-иҧа иҧышәа, идырра ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи ишрызкхо. Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа еиҳәеит ахада иусбарҭа ҧасатәи аиҳабы Абессалом Кәарҷиа ламысцқьала иусуразы. Агәрагара ааирҧшит иара иҧышәеи идырреи ҳаҧхьаҟа иахәҭоу ахархәара шроуа.