

«Аҧсы ҭоуп сара схәышҭаара». Абас захьӡу Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа ирылху алитература- театралтә композициа дырбан Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынқарратә филармониа асценаҿы. Асценарии еиқәнаршәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз инапынҵа инақәыршәаны, ус еиҧш ахьыӡқәа рыхҵан Шәача иҭаҩу ҩажәи жәохә-ҩык аветеранцәа. Аҧсуа ветеран Алықьса Лашәриа урҭ дырхыҧхьаӡалахеит. Убасгьы итәанчахәы анаҩсан есымза жә-нызқь мааҭ аҧара изацлалоит. Ажәабжь иацырҵоит икорреспондентцәа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҧсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаҧысуеит аҵарауаҩ аҭоурыхҭҵааҩ , аетнограф Царбеи Бжьаниа шәышықәса ихыҵра иазку аихшьаалатә ҭҵаарадырратә сессиа. Аҵарауаа шықәсык иалагӡаны еиуеиҧшым ахырхаҭақәа рыла имҩаҧыргаз аусурақәа ртәы иазааҭгылеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иҵит хынҩажәи хәба шықәса Аҧснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль аамҭақәак рзы напхгаҩыс иамаз, Аҧсны жәлар рартист Нурби Виктор-иҧа Џьынџьал диижьҭеи. Иара игәаларшәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧган акультура Афон-Ҿыцтәи аҩны аҟны. Еизаз аҟаза ду гәыблыла дыргәаладыршәеит.
Ҿыц иалху анапхгаҩцәеи аколлективи реибадырра мҩаҧысит егьырҭ Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿгьы. Аҧсны Аҧыза- министр Владимир Делба Аҧыза-министр ихаҭыҧуаа ҿыцқәа Џьансыхә Нанбеи, Роберт Кьиути, Ҭарашь Ҳагбеи, Вараздат Миносиани рҿаҧхьа ахыдҵақәа ықәиргылеит.