

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа жәпакы рҿы аиҧыларақәа мҩаҧысит. Урҭ Аҧсны Ахада иусҧҟала ишьақәырҕәҕәоу аминистрцәеи аколлективқәеи реиҧылара иазкын. Бадра Гәынба ҧасатәи анапхгаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧыргаз русуразы, ҿыц иалху- ахыдҵа ҿыцқәа рзықәиргылеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аҟны игаз Аиааира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аиааира абираҟ ахҩылаа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра-фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аҧсныи Урыстәылеи рхадацәа имҩаҧыргаз аицәажәара иабзоураны, атәанчаҩцәа аҭыҧан ирырҭо иалагеит ПСБ абанк ахсаалага. Иҳәатәуп, уи ахсаалага аҿҳәара шамам. Аҧсны Ахада Бадра Гәынба даҭааны ибеит атәанчаҩцәа ахсаалагақәа ахьроуа аҭыҧ. Ахҭыс далахәын Фатима Гьергьиаҧҳа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза раҧхьатәи апассаџьыртә реис аднакылараны иҟоуп лаҵарамза аказы. Ари амш аҽны аилахәыра ЮВТ-АЭРО аҳаирплан 14 сааҭи 30 минуҭи рзы Москвантәи ишьҭыҧраауеит. Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза иаднакылоит 18 сааҭ рзы. Шьҭахьҟа иҧыруеит 19 сааҭи 30 минуҭи рзы. Анаҩстәи ареис Москвантәи Аҟәаҟа аара азгәаҭоуп лаҵарамза хҧа рзы. Аҳаиртә баҕәазаҿы аҳаирпланқәа рыдкыларазы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьа ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа.
Урҭ рымҩаҧысшьа ахәшьара аҭаразы Ҵабалтәи арратә ҽазыҟаҵарҭа даҭааит арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Иара убас ари аусмҩаҧгатә далахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.