

Ашколхәыҷқәа амҩатә ҧҟаррақәа рдырра адагьы, абылра, амашәырқәа, егьырҭ аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ахымҩаҧгашьа рзеиҭарҳәеит. Аурок мҩаҧнагеит «Азинхьчаратә усбарҭақәа рассоциациа» аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рыцхыраарала.
65 шықәса ихыҵит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, аепосдырҩы, кавказҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иатәу нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр анапхгаҩы, Аҧсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, «Ахьӡ-аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Зураб Џьапуа. Аҭҵаарадырраҿы илагала азгәаҭаны, имш ира аҽны инапаҿы иҭан ахьтәы медали аҧаратә ҳамҭеи. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Уи азы Аҧсны иааны иҟоуп Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа. «Аҳәынҭавтоинспекциа» аусбарҭаҿы иаарту ауадақәа рҿы ауааҧсыра рдокументқәа рыдыркылоит . Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иара убасгьы арепатриантцәа рзы аконституциатә закәан аҧсахрақәа аларгалеит. Уи иазҧхьагәанаҭоит, амҩатә фонд аламҵакәа егьырҭ абиуџьет анҭыҵтәи афондқәа рахь иҟоу ашәатхқәа рҭыҧан «Иакыу асоциалтә шәахтә» аҧҵара. Адепутатцәа ирыдрымкылаӡеит «Амилаҭтә инвесторцәа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭаразы» азакәан.
Аҧсны Ахада Бадра Гәынба иусҧҟала, Руслан Габлиа Аҧсны зҽаҧсазтәыз асахьаҭыхыҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.Абри атәы рылаҳәан Аҧсны абанк аҿы имҩаҧысыз асахьаҭыхҩы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аҿы.
Аҧсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ҳреспубликаҿы имҩаҧысуеит Урыстәылатәи аҳақьымцәа злахәу ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы адиспансеризациа. Иахьазы ахәыҷқәа ргәаҭарақәа хыркәшоуп Очамчыреи Аҟәеи рраионқәа рҿы.