АЖӘАБЖЬҚӘА

* Мшаҧы 2025

Рахьаӡа акәны, Аҟәа аҩнқәа аабеи, школки, хәыҷбаҳчаки рҭыӡқәа еиуеиҧшым асахьақәа рыла ирҧшӡахоит. Уи ҳаамҭазтәи аҟазара аҿиара иадгыло «Новые Формы» захьӡу афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаауп. Иара ҳаҳҭнықалақь аҿы аиҿкаара алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа рфонд иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа идикылеит адыррақәа рцентр «Машук» аҟынтәи ихынҳәыз ҧшьҩык арҵаҩцәа. Дара уахь рцара алыршан Аҧсныи Урыстәылеи рҵара аминистрцәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 08 Мшаҧы 2025 02:47

Амшеикәшара 07.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсныи Урыстәылеи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаҧнагоит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааратә амилаҭтә медицинатә центр.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ешба имҩаду ала игыло аҩны аҿы аусурақәа хыркәшоуп. Урҭ мҩаҧыргеит Москвантәи иааҧхьаз аҩныеихагыла дуқәа аремонт азызуа аспециалистцәа. Аусурақәа нагӡоуп Урыстәыла Аҧсны иазыҟанаҵо афинанстә цхырааара иабзоураны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аицлабра хықәкыс иамоуп ззанааҭтә дырра ҳараку акадрқәа реиҵааӡара, акоманда ҿыц аҧҵара. Апроект еиҿкаауп Аҧсны Ахада иаҧшьгарала. Аиҧылара шымҩаҧысыз шәзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 08 Мшаҧы 2025 02:38

Амчыбжь 06.04.2025

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aҩаша, 08 Мшаҧы 2025 02:36

Сара исылшоит. Аинар Ҷыҭанаа

Икьыԥхьуп Сара исылшоит
Aмҽыша, 06 Мшаҧы 2025 05:40

Сабшала 05.04.2025

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы; 1) Амҩатә машәырқәа еиҵахеит

2) Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа исахьа Тамшьтәи ашкол аҭҵы ианырҵеит

3) Аҧсуа бызшәа акурсқәа Гагра

4)Хынҩажәи жәаба шықәса ихыҵит Александр Страничкин

 
Икьыԥхьуп Сабшала
Aсабша, 05 Мшаҧы 2025 06:20

Аспорт адунеи 04.04.2025

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30