АЖӘАБЖЬҚӘА

* Лаҵара 2025

Aсабша, 31 Лаҵара 2025 08:27

Амшеикәшара 30.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Ритм Абхазии» аешьара зыбжьоу Аҟәеи Нижни Новгороди раҧхьатәи жәларбжьаратәи аинклиузивтә форум аҩбатәи амш азы аусура иацнаҵеит. Уаҟа ажәахәқәа рыманы иқәгылеит алахәылацәа. Урҭ зегьы зылшарақәа ҧку еиуеиҧшым аҧсҭазаара ахырхырҭақәа рҿы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара иазкын. Иҳәан аҧышәа атәы. Иҟаҵан ажәалагалақәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Нижни Новгород еиҿкааны иҟоу арратә патриоттә лагер ҵыҧхтәи ашықәс азы Аҧснытәи ашколхәыҷқәа алахәын,«Хочу стать десантником»-ҳәа захьӡу ари алагер аҿы ахәыҷқәа қәҿиарала рхы аадырҧшит.Ҳаҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуа Нижнии Новгород амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҿкаан алагер алахәылацәеи уи аиҿкааҩцәеи реиҧылра. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aхәаша, 30 Лаҵара 2025 09:48

Амшеикәшара 29.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Лаҵарамза ҩажәи ааба инаркны рашәарамза акынӡа Аҟәа Нижни-Новгород амшқәа мҩаҧысуеит. Уи азы хыҧхьаӡарала ҧшьышә-ҩык инарзынаҧшуа ҳаҳҭнықалақь асасцәа аҭоуп. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит аспектакльқәа, аконцертқәа, аҟазаратә цәыргақәҵақәа, аспорттә турнирқәа, аетникатә хәылҧазқәа, арҵаҩцәа рзын асеминарқәа,аҵаҩцәа рзын аҟазаратә классқәа. Имҩаҧысит «Аҧсны аритмқәа» захьӡу аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Нижни-новгороди ринклиузивтә форум. Уи аҵакы ҳаиллыркаауеит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәиҧшь шықәса ҵит жәлар рыбзиабара иалнахыз, Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵиижьҭеи. Сергеи Уасил-иҧа Аҧсны ахадас далхын 2004 шықәса рзы. 2008 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь напхгара зиҭоз Арбџьармчқәа ҭоурыхла Аҧсны иахәҭакыз Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҿынтә ахы иақәиҭыртәит. Иара убри ашықәсан Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара ауасхыр азышьҭеиҵеит. Урыстәыла иазханаҵеит Аҧсны ахьыҧшымра. Урыстәылеи Аҧсни аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵан аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы. 2009 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь атәыла ахадас аҩынтә раан далхын. Сергеи Багаҧшь игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәарц Џьгьарда ақыҭа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар реизара адепутатцәа, араионқәа рнапхгаҩцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 30 Лаҵара 2025 09:40

Ақәыҧшра Астудиа Таим

Икьыԥхьуп Ақәыҧшра Астудиа
Aҧшьаша, 29 Лаҵара 2025 08:08

Амшеикәшара 28.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аӡиа Риҵеи Ауадҳареи рахь ухазгало ҳәа иҟоу мҩа заҵәык ауп. Хәажәкыразы иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны амҩа ҿыбгеит. Аҧсны Ахада Бадра Гәынба хаҭала даҭааны амҩа аҭагылазаашьа зеиҧшроу ангәеиҭа ашьҭахь, аусурақәа хацыркын. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирзоужьын 17 миллион мааҭ аҧара. Ҩымз инарзынаҧшуа ицоз аусурақәа ахыркәшарахь инагоуп. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31